Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә коллеџь ашьаҭа аркын 2003 шықәсазы, Тҟәарчал ақалақьи араиони иаҭаху аспециалистцәа рыла реиқәыршәаразы. Ҳҵараиурҭаҿы атеориатәи апрақтикатәи усурақәа рымҩаԥгаразы еиҿкаауп иақәнаго аҭагылазаашьақәа абарҭ азанааҭқәа рыла: алагарҭатә классқәа рырҵаҩы, амашьынақәа рремонтҟаҵаразы атехник, ахыбрақәа рыргылаҩ. Ҳастудентцәа апрақтика иахысуеит ашколқәа рҿы, азауад «Зариа» аҟазарҭаҿы. Аушьҭымҭацәа, Тҟәарчал ақалақьи араионқәеи рыдагьы, урҭ рзанааҭ Аԥсны иахьабалак ахархәара амоуп.
Афакультетқәеи азанааҭқәеи:
- Алагарҭатә классқәа рырҵаҩы.
- Аргылаҩ-атехник.
- Амашьынаҟаҵаҩ-атехник.
Арҵара 9–11 класс ирылгахьоу рзы:
арҵара аҿҳәара – 3 шықәсеи 10 мзи;
арҵара аформа – ҽынлатәи, ахә ахшәаарала;
азеиԥшнхарҭа – амаӡам.
Иаҭаху адокументқәа: аттестат, апаспорт, мамзаргьы аиразы аршаҳаҭга, афото Зх4 (6 ц.), амедицинатә шәҟәы (аформа 086), аҷкәынцәа рзы арратә комиссариат аҟынтәи ашәҟәы.